Шәҳадгыл

АҦСНЫ КАВКАЗ АЖӘЛАРҚӘА РКУЛЬТУРА V-ТӘИ МОСКВАТӘИ АФЕСТИВАЛЬ ИАЛАХӘХОИТ


Поделиться


Аҧсны  2015 шықәса абҵара 27 рзы имҩаҧысраны иҟоу Кавказ ажәларқәа ркультура V-тәи Москватәи афестиваль иалахәхоит. Сынтәатәи ашықәс азы фестиваль аҟны иазҧхьагәаҭоуп кавказтәи арегион атуристтә ҷыдарақәеи аҭыҧшӡарақәеи дырбара.  

КАУР апресс-маҵзура ишаанацҳаз ала, Аҳәынҭқарратә центртә концерттә зал «Урыстәыла» аҟны атрадициатә культура аныҳәаҟны иеизараны иҟоуп ареспубликақәа рхадацәа, ацҳаражәҳәаҩцәа, аҳәынҭқарра амчхара аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа, аҭҵаарадырратә, акультуратә усзуҩцәа, аспортсменцәа, иеиуеиҧшым амилаҭқәеи анцәахаҵарақәеи рхаҭарнакцәа.  
Аусмҩаҧгатә аиҿнакаауеит  Кавказ ажәларқәа Урыстәылатәи рконгресс Москва аиҳабыра иҟанаҵо адгыларала.  
Афестиваль апартниорс иқәгылоуп Афонд "Ельбрусоид".
Аконцерттә программа иалагаанӡа  ахәылҧаз асасцәа рзы иеиҿкаахоит атематикатә цәыргақәҵа. Уи аҳәаа иҭагӡаны Аҧсны ицәыргақәнаҵоит  абзазаратәи аҟазаратәи  маҭәахәқәа, ашәҟәқәа, асахьақәа,амилаҭтә маҭәақәа, Аҧсны  аҧшаҳәеи ашьхеибаркырақәеи рыҟны аҭыҧшӡарақәа ирызку  афотоматериалқәа, иоригиналтәу асувениртә аалыҵ. Иара убас Аҧсны алахәхоит аконцерт, ахәаҧшцәа гәахәара рнаҭоит абаҩхатәра змоу аҧсуа шәаҳәаҩ қәыҧш , жәларбжьаратәи аицлабрақәеи афестивальқәеи рлауреат Рамина Заде лықәгылара.
Ацәыргақәҵазы афотоматериалқәа  цәырыргоит аныҟәарақәеи аҭҵаарадырреи рзы урыстәылатәи аканал  хада “Сара спланета” аицлабраҟны аноминациа “Урыстәылеи ИАР рыҩныҵҟа аныҟәарақәа ирызку иреиҕьу арепортаж” азы аиааира згаз апроект “Ишьхатәылоу Аҧсны” апроект авторцәеи  Аҧсны азы атуристтә оператор «Аҟәа-Абазеи» рыла.
Ацәыргақәҵа аартра ҟалоит  асааҭ 16 рзы.  Аконцерттә программа– 18сааҭ рзы. АИХ рхаҭарнакцәа реизгара 17:15 сааҭ ирхымгакәа.

Аҭыӡҭыҧ: Аҳәынҭқарратә центртә концерттә зал «Россиа»,   Лужники амҩа 24 арг. 2;  ам. Воробиоев ашьха . аст. аҟнытә иеиҿкаахоит атрансфер аконцертә  зал аҟынӡа хәыда-ҧсада.

коммент.

Написать комментарий

Ваш email не будет опубликован. Обязательные поля отмечени символом *

expand_less