
Акыр иаҧсоу ҳџьынџьуаа!
Ааҧхьара шәаҳҭоит аиҧылара-адискуссиа «SOFTPOWER» мамаргьы «Аҳәынҭқарра иџьбарам амч» Аҧсны аҿиара алзыршо мыругак аҳасабала» ашҟа.
Аҳәынҭқарра амч џьбарамкәа иҟалоит атәыла иара акультуреи, аполитикатә идеалқәеи апрограммақәеи рыла уанаднаҧхьло. Ганрацәалатәи аусеицура апринципқәа шьаҭас измоу“иџьбарам амч” мыругаҵас иалнаршоит атәылақәа акыр рыҩныҵҟатәии рыдәныҟатәии политикақәа рыҟны еиҳа ихадароу, дара рмилаҭтә культура, рхатә позициақәа реиқәырхара, рхатә милаҭтә интересқәа рыхьчара.
Ҳаиҧылараҟны ҳрылацәажәоит «Softpower» амыругак аҳасабала иҟанаҵо анырра апринцип хадақәа, уи Аҧсны ахархәара алыршара, адунеитә ҧышәаҟнытә аҿырҧштәқәа аагахоит.
Аиҧылара мҩаҧысуеит интерактивтә ҵасла Q&A (азҵаара-аҭак).
Аиҧылара еиҿнакаауеит Москватәи Аҧсуа Диаспора “Сасра Москватәи Аҧсуа Диаспора аҟны” захьӡу апроект ҿыц аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Амҩаҧгаҩцәа: Кобахиа Валереи Корсаиа Инали.
Амҩаҧгара арыцхә: абҵара 25, ахаша, алагамҭа 19:00
Аҭыӡҭыҧ:Миасницкаиа амҩ., 17 аҩны, 2 арг., АнтикафеCheckpoint
Ҳашәзыҧшуп!
Апроект инақәыршәаны иазгәаҭоуп зҿлымҳара зуҭаша аҧышәеимдара, еиҳа иактулатәу, ҧыжәара зҭатәу иеиуеиҧшым атемақәа рыла аиҧыларақәа.
Амҩаҧгаҩцәеи ахантәаҩцәеи рыҩныҵҟа иҟоуп аескпетрцәа, аспцеиалистцәа, иеиуеиҧшым аҟәшақәа рыҟнытә иеицырдыруа апрофессионалцәа.
коммент.