Шәҳадгыл

Ажәытәӡатәи Кавказ жәлар рҵас Қьабза иазкыз ахәылҧаз мҩаҧысит хәажәкыра 19 рзы Москва


Поделиться


Ахәылҧаз мҩаҧган  Аҧсны анҭыҵ инхо аҧсуаа рхаҭарнакцәа инарылукааша апублицист, афилософ, "Ахьдӡ-Аҧша"  аорден I аҩаӡара занашьоу, ажәытәӡатәи аҵас Аамсҭа Қьабзе шьаҭазыркыз  Мураҭ Иаган диижьҭеи 100 шықәса аҵра инамаданы.    

Ари аусмҩаҧгатә еиҿнакааит Москватәи Аҧсуа Диаспора иналукааша аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа ирызку “Адиаспора ахаҿқәа” апроект аҳәаа иҭагӡаны.

Асасцәа ирыдгалан арежиссиор Амра Наҷҟьебиаҧҳа  Мураҭ Иаган изылкыз адокументалтә фильм. Уи  аҧҵан Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Андреи-иҧа Чрыгба иеизигаз аматериал ала.  Афильм шьақәгылоуп хаҭала Виачеслав Чрыгбеи Мураҭ Иагани реиҧылара иазкыз аматериали уи ианиҵаз аинтервиуи рыла, убри аҟнытә афильм иунардыруеит аҧсуа хәыцҩы ду ихаҿсахьеи уи иҵара апринцип хадақәеи нхаҭәааны.  

  Кавказ ашьхақәа рыҟны ииз аҵас  "Аамсҭа Қьабза" – ари ауаа ганрацәалатәи аҧсҭазаара аҽалархәра, аҧсабара ирнаҭо алшарақәа зегьы ааидкыланы, иаку ак еиҧш рхархәашьа узырҵо ҵарадырроуп. Уи аҧызҵаз ҳәа иҧхьаӡоуп ачерқьесцәа, аха аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иара Кавказ зегьы иқәынхо ауааҧсыра изныкымкәа анырра рнаҭо иҟалеит", - абас дахцәажәоит ари аҵас Мурат Иаган ишәҟәы аҟны.

Ахәылҧаз апрограммаҟны имҩаҧысит  урыс бызшәала ииҩу Мураҭ  Иаган "Ажәытәӡатәи аҵас Аамсҭа Қьабзе”  ашәҟәы ацәыргара, уи аиҭага алыршоуп  Виачеслав Андреи-иҧа Чрыгба инапхгарала.  

Ахәылҧаз асасцәаны иаҭан, иалахәын Виачеслав Андреи-иҧа Чрыгба, Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр, Урыстәыла иҟоу Аҧсны Аҷыдалкаатәи Амчнаӡазмоуи ацҳаражәҳәаҩ Ахба Игор Мурад-иҧа.

Кавказтәи иога  асистема атәы асасцәа ирзеиҭеиҳәеит Заур Жане, кавказтәи иога  Ассоциациа аҧҵаҩы, "Иалкаау ауаа рымҩа" ашәҟәы автор.

Ахәылҧаз хыркәшан  Фазиль Искандер иажәақәа рыла: "Ҵакыс иамоуи, иеилкаам, идырым ашҟа ихоу амҩа? Ҳхы ҳмыргәаҟып. Изныкымкәа ихәыцуа ауаа изну адоуҳа мҩаҟны азҵаарақәа рҭак анырзыҟамҵалак, рыҧсҭазаара ҿыц ахҩылаара иалагон.  Иаргьы зегьы илшеит. Ихатә џьабаала ирҳаз ала ихы дақәиҭны дҟалеит, игәамч, идоуҳамч ала  ауаҩытәҩса иҧсҭазааразы ихәарҭахаша зеиҧш ыҟам аҵас аҧиҵеит.  
Аусмҩаҧгатә афотоҳасабырба

коммент.

Написать комментарий

Ваш email не будет опубликован. Обязательные поля отмечени символом *

expand_less