
Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа!
Москватәи Аԥсуа Диаспора ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш!
Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, аҭынчра, ахирра. Ҳаԥсадгьыл Аԥсны аизҳазыӷьара, ҳтәыла ауааԥсыра рыԥсҭазаара аиӷьтәра ахьӡала имҩаԥыжәго шәусураҟны аихьӡара дуқәа.
Ҳара ҳганахьала есқьынгьы аусеицуреи ганрацәала Аԥсны арҿиареи ирзынархоу апроектқәа рыдгылара ҳазхиоуп.
Ҳаҭырла,
Москватәи Аԥсуа Диаспора анапхгара
Ахантәаҩы
Беслан Агрба

коммент.