Ҳаҭыр зқәу ҳџьынџьуаа, акыр иаԥсоу аветеранцәа!
Москватәи Аԥсуа Диаспора ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааиреи Ахьыԥшымреи 31 шықәса ахыҵра амш!
Ари амш Аԥсны жәлар реидгылара, ахақәиҭра азықәԥараҟны ҳзеиԥш лшара иасимволны иҟалеит. Ҳаԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз наунагӡа ҳгәалашәараҿы инхоит.
Ҳара ҳаҭыр дула ҳаизыҟоуп, иҿаԥхьа ҳхырхәоит дарбанзаалак аибашьҩы, дызусҭзаалак Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы игылаз, аџьа збаз. Иахьа гәадурала иаҳгәалаҳаршәоит ҳажәлар ракзаареи рфырхаҵареи ирылҵшәахаз Аиааира. Иҟазааит есқьынгьы акрызҵазкуа ари арыцхә аихьӡара ҿыцқәа рахь иҳаԥхьо, ҳажәлар рԥеиԥш бзиа ачаԥаразы ҳгәы шьҭнахуа, ҳадгьыл аҿы – наунагӡа аҭынчреи ахирреи.
Хашҭра ақәӡам шәара иаашәырԥшыз афырхаҵареи ахамеигӡареи.
Ҳаҭырла ишәзыҟоу,
Беслан Агрба,
Москватәи Аԥсуа Диаспора

коммент.