Герзмаа Хьыбла Леварса-иҧҳа
Диит: ажьырныҳәа 6, 1970 ш.
Урыстәылатәи Аҧснытәи оператә шәаҳәаҩуп (асопрано). Урыстәыла жәлар драртиступ (2012). Аҧсны жәлар драртиступ (2006).
Станиславскии Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи амузыкатә театр аҟны дсолиступ 1995 шықәса раахыс.
Хь. Гьерзмава адунеи аҟны деицырдыруа дҟарҵеит Мариинтәи атеатр, Лондонтәи Акралтә опера«Ковент-Гарден», Метрополитен-опера, Венатәи аҳәынҭқарратә опера, Римтәи аопера, Парижтәи Гарнье иопереи егьырҭ асцена дуқәеи рыҟны лықәгыларақәа. Изныкымкәа апрессаҟны лыӡбахә рҳәахьеит «Урыстәыла ахьтәы сопрано» ҳәа.
