Шәҳадгыл

Москватәи Аҧсуа Диаспора Хьыбла Герзмаа илыдырныҳәалоит лымш иира


Поделиться


 

Ҳаҭыр зқәу Хьыбла Леуарса-иԥҳа!



Ишәыдаҳныҳәалоит Шәира амш!



Шәар адунеи зегь аҟнытә миллионла азыӡырҩцәа хызхуа, ргәы ҟазҵо зеиԥш ыҟам абжьы зхоу шәаҳәаҩ дуӡӡоуп.



Абри амш ныҳәа аҽны ишәзеиӷьаҳшьар ҳҭахуп арҿиаратә гәеизҳара, аихьӡарақәа. Иԥшӡазааит, насыԥла иҭәызааит шәымшқәа зегьы, шықәсарацәала асценақәа ирықәҩлааит Шәыбжьы ахаара.



Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит шәҟазара дуӡӡазы, Аԥсны акультуратә ҿиараҟны иҟашәҵо шәлагаламҭа ду азы, есқьынгьы ргәы хыҭ-хыҭуа ара иззыԥшу шәфестиваль шьахәқәа рзы.

коммент.

Написать комментарий

Ваш email не будет опубликован. Обязательные поля отмечени символом *

expand_less