
Цәыббрамза 30, 18:00 рзы Triumf Event Hall аҟны абри аҭыӡҭыԥ ала: Неверовски имҩа, 15 аҿы имҩаԥысуеит Москватәи Аԥсуа диаспора 64-тәи аиԥылареи Аиааира амш иазку аныҳәатә гала-уаххьеи.
Абри аныҳәамш аҽны еиҭа ҳаизоит ҳфырхацәа ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәарц, ҳажәлар рҭоурых аҟны акрызҵазкуа арыцхә азгәаҳҭарц азы. Аусмҩаԥгатә апрограммаҟны иҟоуп — адныҳәаларатә хәҭа, асас дахьқәа рықәгыларақәа, иара убас ҳакзаареи ҳаидгылареи рцәаҩа зныԥшуа амузыкатә, акәашаратә номерқәа.
Аусмҩаԥгатә аҽалархәразы аҽҭаҩра хацыркуп. Аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара ԥкуп. Аҳәара ҟаҳҵоит заа шәҽанышәҵаларц, шәҭахҳәагақәа абри аелектронтә ԥочҭахь иаашәышьҭларц info@abkhazmoscow.com
Азҵаарақәа рзы шәыдҵаалар шәылшоит абри аҭел ала - 89166200723.
Аҭаҳҳәагаҟны иашәырба абри аинформациа: -ажәла /ахьӡ /абхьӡы (инышәкыло аҭыԥқәа рыцыԥхьаӡа)
-Астудент (истудентым).
Абилеҭқәа аашәхәар шәылшоит аресторан "Ача-Чача", аҟны абри аҭыӡҭыԥ ала: Ленинградтәи апроспект 9Б, арг.1.
Абилеҭқәа рыхә:
Адуқәа рзы: 5000 мааҭ.;
Астудентцәа рзы: 3000 мааҭ.
Аветеранцәа – хәыда-ԥсада .
Аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара ԥкуп (еишәацыԥхьаӡа иадыртәалахоит 12 –ҩык рҟынӡа асасцәа).
Ҳныҳәа шәҽалашәырхәырц ҳҭахуп!
Бзиала шәаабеит ҳәа шәаҳҳәоит!
Ҳаҭырла,
Москватәи Аԥсуа диаспора Аиҿкааратә еилакы.

коммент.