
Ҳаҭыр зқәу Денис Кьыршьал-иԥа!
Москватәи Аԥсуа Диаспора ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш!
Шәара - ганрацәала еиларсу абаҩхатәра змоу апоет, апрозаик, аиҭагаҩ, аҵарауаҩ-аҭоурыхҭҵааҩ, заԥҵамҭақәеи зыҭҵаарақәеи рыла ҳкультуреи ҳҭоурыхи адунеи иалазырҵәо Аԥсны аҵеицәа рыгәҭа шәгылоуп.
Шәара Аԥсны аизҳазыӷьара иазку шәааԥсара ахә ашьара уадаҩуп. Шәырҿиара абиԥарақәеи акультурақәеи еимаздо цҳаны ирыбжьоуп. Шәырҿиамҭа ҿыцқәа, иҟашәҵо аартрақәа аԥхьаҟагьы еицакра змам арҿиареи агәамчи ирхыҵхарҭаны иҟалааит!
Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, анасыԥ, ишьардахааит шәусура ишәнаҭо агәазыҳәара!

коммент.