Шәҳадгыл

Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа!


Поделиться


Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа!

 

Ишәыдысныҳәалоит алхрақәа рыҟны ижәгаз аиааира!

 

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аҭакԥхықәра зцу ари амаҵура ҿыц аҟны аҟәыӷара, ахачҳара, алшара, агәамч  ҳажәлар реизҳазыӷьара ахьӡала.

 

Ахадараҟны шәыҟазаара аамҭа зегьы ҭәызааит ҳҳәынҭқарразы аҵак ду змоу, уи аҿиареи аизҳазыӷьареи ирызку иконструктивтәу аиҭакрақәа, иҿыцу аԥшьгарақәа рыла. 

 

Ишәзеиӷьасшьоит шәнапы злашәкуа аус ҿыцқәа рыҟны Аԥсны жәлар рганахьала есқьынгьы адгылара, дареи Шәареи шәеимадара, ишәоу-изоу аӡбамҭақәа рыдкылара. 

 

Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аихьӡарақәа!

 

Ҳаҭырла ишәзыҟоу 

 Беслан Агрба,

АУЕ "Москватәи аԥсуа диаспора" Анапхгара Ахантәаҩы

коммент.

Написать комментарий

Ваш email не будет опубликован. Обязательные поля отмечени символом *

expand_less